УПАТУ СХЫ ИҚӘУП

УПАТУ СХЫ ИҚӘУП
Аԥсуара, ахаҵкыкамыршәра згәылжжуа ажәоуп. "Уххь згеит", "Ухаҵкы сцеит" реиԥш аригьы иаанарԥшуеит изҳәо иаамсҭашәареи (вежливость, учтивость, аристократичность), изеиҳәо патуқәҵара дула дшизыҟоуи (любезное обращение, оказание высокой чести)
Даара иаԥсышәоуп, аизараҿы иқәгыло ражәагьы иаларҵоит "Ажәлар, шәхаҵкы сцеит! Шәыпату схы иқәуп!" ҳәа.
Анаҩс, ари аформула аибарххара зцу аицәажәараан ажәа џьбарак уҿыҵҟьазар, ихьанаршшар алшоит; ҭагылазаашьақәак рҟны "саҭамыз" ацымхәра ауеит:
▫ ауаҩы игәы иааҵаххара, аха узвымсша ҳәатәык анумоу;
▫ аԥхашьара зцу џьара акы хыхь-хыхьла аӡбахә анцәыргатәу;
▫ машәырла иакәымк самхаҳәар ҳәа, заа ухы-уԥсы "анҿухуа".
Усҟан урысшәала иашьашәалоит: •Извини(те), если прозвучит грубо; •Не в обиду будь сказано; •Не сочти за неуважение. (досл.: "Твоя честь превыше моей головы" = высказываясь резко, твое достоинство личности я не задеваю).
Егьа ажәа еимаҳкыргьы, зынӡа ҳаиқәшаҳаҭымзаргьы, упату схы иқәуп ҳәа ануасҳәа — уара ухаҭара, упату кьыс шамам усырбоит: ухаҵкы касмыршәит, агәынҷыхьа ҳабжьамхааит.
***
Дарбанзаалак ауаҩы уаҩраладуаҟараны изнеира, аӡәы уагьиеиӷьымкәа-уагьиеицәамкәа ахныҟәгара — аԥсуара иагәыцәу дунеихәаԥшышьоуп. Уи аамышьҭахь, ажәаҳәаратә культура акраанагоит аԥсуараҿы, аԥсуа еснагь иажәа дацклаԥшуеит, иҳәатәу идыруеит.
Ауаа иахьраҳауа алеи-аҳәеи кыдҟьо ацәҳара, ҿҭыӡәӡәала ацәажәара ихы иақәнаиргом зых пату ақәызҵо ауаҩы, милаҭс дзеиуазаалак. Иахьуанажьхо акәзаргьы, абызцәгьара ԥхашьароуп. Аԥхашьара — аԥсуара иалакҭоуп.
Ахыҵхырҭа: https://sputnik-abkhazia.info