Ихадоу атемақәа
\Женева ихыркәшахеит Урыстәыла, Америка, Украина злахәыз х-ганктәи аиҿцәажәарақәа. Ԥшь-сааҭки бжаки инареиҳаны ицон, аицәажәарақәа уаҵәы ирыцҵахоит. Аицәажәарақәа апресса рзы иаркуп. Урыстәылатәи аделегациа наԥхгара аиҭоит Владимир Медински, иара убас аделегациа иалахәуп Михаил Галузин, Игор Костиуков, егьырҭ ачынуаа. Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков уаанӡа иазгәеиҭахьан, аиҿцәажәарақәа рҿы ихадоу азҵаарақәа ишрылацәажәо, иара убас атерриториалтәгьы налаҵаны.
"Аԥсныҟа аара еснагь гәырӷьара дууп", — ҳәа иҳәеит RT акорреспондент еиҳабы Мурад Газдиев, арадио Sputnik аинтервиу аҭо. Иара иахьа Аҟәа имҩаԥысуаз RT Амедиашкол аҳәаақәа ирҭагӡаны аексперт иаҳасабала дықәгылеит. "Ҳара иҳамоуп иӷәӷәоу Амедиашкол. Уи Урыстәыла, ма ИАР мацара акәм, иара жәларбжьаратәиуп. Ҵыԥх сара Ефиопиа сыҟан, сныҟәара атәы салацәажәеит. Амедиашкол аҿы еиуеиԥшым аекспертцәа ыҟоуп – адокументалистцәагьы, акорреспондентцәагьы. Ҳара ирзеиҭаҳҳәоит афотосахьа еиӷьны ишҭыхтәу, аинформациа ауаа ишрызнагатәу, дара рхаҭақәагьы аинтерес роуеит", — ҳәа иҳәеит Газдиев. Ажурналист иара убасгьы иазгәеиҭеит, аҟазацәа ашкол алахәылацәа ишыддырҵо дара иҟарҵоз рыгхақәа ҟарымҵарц азы русура шдырманшәалаша.
Sputnik Аԥсны ареспублика амедиаусхк ахықәкы ду нанагӡоит. Уи ас шакәу аадырԥшуеит аимадарақәа рыҿиара Амилаҭҭҵааратә институт еиқәнаршәаз асовет еидгыла ашьҭахьтәи атәылақәа 16 реимадаратә режимқәа реиҩызара агәаҭареи ареитинги рылҵшәақәа. Аҭҵаараҿы иазгәаҭоуп атехнологиатәи акадртәи еинырра аҽшарӷәӷәаз "SputnikPro" апроектқәа, "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" апроектқәа, Москва Аҩни Россотрудничествеи ркурсқәа ирыбзоураны. Иааидкыланы уахәаԥшуазар, ареспубликаҿы амедиакоммуникациақәа 2025 шықәсазы урыстәылатәи аинформациатә ҵакыра иазырхан ҳәа азгәарҭоит
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ареспубликатә еицлабра "Аҭаацәара ҿа". Уи алахәхаразы ааԥхьара рырҭоит ақыҭаҿы инхо, нанҳәа 1 2024 шықәса инаркны аҭаацәара аԥызҵаз хаҵеи-ԥҳәыси 18 шықәса инаркны 30 шықәсанӡа зхыҵуа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Аҳамҭа хада — ҩыџьа рзы атуристтә ныҟәара. Алахәхаразы арзаҳал ҭажәгал, шәтәылауаҩшәҟәқәеи аҭаацәара шәызлалоу аршаҳаҭгеи рыхҟьыԥхьаа агәылашәҵа, ахәыҷқәа рииразы аршаҳаҭгақәа, иара убас ақыҭаҿы шәшынхо шьақәзырӷәӷәо, иҩтәуп аессе, иӡыргатәуп мамзаргьы иҭыхтәу авидео "Изакәузеи ақыҭа ԥсҭазаара?" атема ала.
Ахыҵхырҭа: https://sputnik-abkhazia.info