Ихадоу атемақәа
Аԥсны ихыркәшахеит Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" актәи арккаратә маршрут. Иара рхы аладырхәит Аҟәеи Гали рҟынтәи 250-ҩык ашколхәыҷқәа.Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аицлабра "Адырра.Алектор" аҿы аиааира згаз Анна Гәниаԥҳа еиҭалҳәеит ахатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи рус аҟны иԥсабаратәым аинтеллект ахархәара атемала апроект "Уаҵәтәи амш аԥсуа бызшәа" атәы.Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет иаарту аҵарадырра Ацентр анапхгаҩы Игор Басов илекциа азикит аԥсуаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ралахәра атәы, уаҟа дазааҭгылеит ауаажәларра рҭоурыхтә хдырра ашьақәгылара афактор аҳасаб ала, аҭаацәаратә жәабжьеиҭаҳәара атема ҷыда. Аилазаара "Адырра" арккаратә маршрутқәа Аԥсны имҩаԥысуеит 2026 шықәса иҭагӡаны
Аҟәа Аҳабла ҿыц – ААУ ахырхарҭала астудентцәа рзы автобус бжьарҵоит.Ари ахырхарҭала жәабран 9 инаркны есыҽны асааҭ 08:20 рзы Аҳабла ҿыцынтәи автобус цалоит аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи рзы ада ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь аусбарҭа апресс-маҵзура. Амҩақьыра – 15 мааҭ.Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба иҳәеит ақалақь хадара ари автобус аусура алагара азы алшарақәа шазыԥшааз аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба идҵала, насгьы амҩақьыра шырмаҷу астудентцәеи урҭ рҭаацәеи рзы афинанстә хьанҭара рмоурц азы.
Абџьари анаркотикқәеи имырхит Лӡаа инхо Урыстәылауаҩ.42 шықәса зхыҵуа Денис Денисов иҩны ирыԥшааит 87 грамм аканнабис зҭаз абанкақәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.Денисов имхын ДрагУнов иснаипертә винтовка ашьаҭала иҟаҵоу акарабин ахеиқәыршәагақәа 10 ацны, иара убас ашәарыцагатә хеиқәыршәагақәа 22 цыра.Денисов ихаҭа данааныркылоз анаркотикатә маҭәашьарқәа идкыланы дыҟан. Ашьаус хацыркуп.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахԥатәи амодуль алахәылацәа рпроектқәа иҟоу рахьынтә 3-4 проект аԥсҭазаараҿ алаҵәара аиур, уи иааира дуӡӡоуп ҳәа азгәеиҭеит апрограмма алахәыла, ажурналист Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы.Иара дазааҭгылеит, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аусқәа рзанааҭтә ԥышәа аизырҳараҿы акырӡа ишрыхәо. Ицәыргаз апроектқәа Аԥсны аҭоурых, аҵас адунеи ажәларқәа рыбжьара излаӡыругаша рацәоуп, убарҭ аформақәа рыԥшаара ауп ҳҿаԥхьа хықәкысгьы иқәгылаз ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ахыҵхырҭа: https://sputnik-abkhazia.info