Амҳаџьыр Муса ила
Иҟалахьоу ажәабжь
Аамҭала Қаҩ Муса ҳәа аӡәы Абӷархықә дынхон. Ирахә-ишәахә, инхамҩа уҳәа бзанхаҩык дшыҟаз дыҟан. Аха иазаауеи, амҳаџьырра аамҭазы ҭаацәала дыхҵәаны, иԥсадгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа дымцар амуит.
Ирахә еибарҟаауа, инаԥшы-ааԥшуа агәашә иаадхалт. Иахьеи-уахеи аџьықәреи ҿырпны иҩеижьӡа ахьхьа-хьхьаҳәа абҩатәы лагьан ианыԥсаланы изиҭалоз ижәылаҽ қәыр-қәыруа, ашьапы шьҭшьуа агәашә иадӷырлон.
Ашҭа агәҭа иқәтәаны амшын агәы ихыԥшыло иууан, иууан иааҟәымҵӡакәа аԥшәма ихьчала Дамшә. Нас агәы анԥҵәалак, аҽырқьақьаны аԥхьатәи ашьапқәа ахы ларыбжьаҵаны агәашә ахь иԥшуа илаион.
Аԥшәмацәа анықәҵуаз рла зҭадырчоз аҿықә хымшҟа иазхашаз ахәы инҭарҵаз ихьшәашәаӡа иҭан, инафҩы-аафыҩшәа инахыҵуан, агәы еималаны иҟан.
Амчыбжь анҵы аныҟәара алымшо, амҵ еиԥш игииуа агәарԥ иаақәхеит. Нас агәашә ахь ахы рханы аԥсы азҭымкаауа ауура иналагахон. Инаскьага-ааскьаганы агәарԥқәа ирхаанхаз агәылацәа рлақәагьы Дамшә иаҳәоз алақмар инацдырӷызуан.
Абри аамҭазы Ҳабахә ҳәа аӡәы Ҵабалтәи инхамҩа дахыҵны Абӷархықә ақыҭа даалалеит. Муса иҩны днадыԥхьалеит. Аџьма имԥсыша аҳааҵә азылбаауан ҳәа, зыӷра еидаҳалахьаз, злакыҵақәа нырцәы инеихьаз Дамшә рыцҳа аԥсы еиқәхеит. Акыр имараҳәзаргьы аԥшәма ҿыц ииршьцылеит, дазҷаҳаны акраҿеиҵо далагеит. Иаргьы ԥыхьатәи агәамч иазааины, ицәқәырԥо анхамҩа ҭбаа ахьчон, ишырҳәо еиԥш, аҽыуаҩ дҽыжәнахуан. Амала зны-зынла уахынла иууан, иҵәыуан ԥхыӡырла.
Арахә-ашәахәгьы неилшәарак рымамкәа аҩны иадҳәыло иалагеит. Аҽыццышә Рашьгьы шьыжьи-хәылԥази аҩны иаадгыло иалагеит. Агәылацәа Ҳабахә излаиарҳәаз ала, аџьықәреи аҿеиҵон, амала игәаӷьны дзақәтәомызт.
Ажәакала, Ҳабахә еихәлацәахьаз ахәышҭаара ҿыц ихәыжжаны, алҩаҵә ахәхәаҳәа иҩаишьҭуа далагеит, дынхон-дынҵуан.
Муса ҭаацәала амҳаџьырра дахьнанагаз, уахь аӡы ихнаҵаз иҩызцәа зегь реиԥш, арыцҳара ду дынҭагылеит. Иаразнакгьы иӡбеит инижьыз иԥсадгьыл ахь маӡала ахынҳәра. Уи ус имариамызт, иҭаацәа иманы заанаҵ дызлаӡахьаз ауаҩы иԥра-ӷба дҭалеит, дманшәалангьы дыӡхыҵит амшын аарцәҟа.
Абар аилашәшәымҭазы иқыҭа гәакьа Абӷархықә дҩалалеит амҳаџьыр Муса, иҩны-игәара дазааигәахо даналага, ихҭырԥа аҿацә ааиҿишьит, изнымкылакәа зҿыназхаз, иӡамҩа иаҿыкәкәоз илабжышқәа ааирыцқьеит.
Ус, иԥба зкыз Дамшә ауимыц ахылҿиаауа ахԥсырҭа илҭалеит уаҩы дааҩнаҵәарц.
— Ҳаи, иҟалазеи анаџьалбеит, ала ҿаҳәаз џьысымшьази, аӡә даҳцәафоит убоу! — иҳәан атрышә длас-ҩасны ала злацаз ахшьырахь дылҭалеит Ҳабахә, аха иибози — ассир! Дамшә қьақьаӡа, аӡәы игәыдыззала, аԥхьатәи ашьапқәа наҟ-ааҟ ижәҩахырқәа ирықәгыланы иакуп. Ус акәындаз, абз ҭҳәаны ихы-ихәда иахьнашьуеит. Мусагьы Дамшә азқәа инапы ықәишьуеит дааҟәымҵӡакәа.
Ҳабахә цәалашәарак иоуит, дагьымҩашьеит уи аҟны: аԥшәма дхынҳәит иҩныҟа, дхынҳәит иабацәа, иабдуцәа рыбаҩқәа ахьамадоу аҳаҭгәынқәа рахь. Ааи, уаҳа дабацарыз.
Иҟалеит агәылеи-азлеи еидызкылаз ачара хпыҿ. Муса - амҳаџьыр, хышықәса наҟьа ҭаацәала зхабар ыҟамыз, аӡымшын дхыӡылт ҳәа ирыԥхьаӡоз деибга-еизҩыда дхынҳәит, иныҳәаҿа шьҭырхуан аӡәи-аӡәи еишьҭагыла. Ҳабахә аҵәца аақәихын дҩагылеит:
— Сара Мазеича сиԥаӡамызт, имазеиу анхамҩаҟны хатәара зуп ҳәа сҭаацәагьы саргьы ҳгәы иҭамызт, аха изыхҟьаҵәҟьазаалакгьы ус сақәшәеит. Анхамҩа ҿыц салагап ҳәа акәын ари ақыҭан сзааз, шәарҭ агәылацәа исшәмыруит, ари анхамҩа ҭбаа қьаԥҭажәумтәын, унха-унҵы шәҳәан, акыр слакҩакзаргьы сақәшаҳаҭхеит. Уажәы зџьаԥхӡала ари анхамҩа еибызҭаз аԥшәма дхынҳәит, Анцәа имчала дахажәааит! Иара Муса дазыразызар, абра наҟтәирахь игәылара адәҳәыԥш аҟны қәацәк аргылара салагоит, — иҳәан еидтәалаз агәылацәа илаԥш нархыга-нархыго аԥшәма Муса иааидирхалт. Нас ԥшьаала дагьылатәеит.
— Сынхамҩа хышықәса иадԥхьаланы, смал хәҷы иҟаз еихаҳа-еиҵаҳаны, сырахә-сышәахә лас рымамкәа, ирҿианы иныҟәызгаз ауаҩы сара иашьас дсыԥхьаӡоит иахьарнахыс. Уи иҟаиҵаз злымшо аиашьагьы дубап. Уҭаацәагьы уаргьы сыҩны шәахызбаауам, шәыҟаз ара ҳара ҳҟны, ҳазегь ҳаицакуеит. Мап анакәха, уара иахьугәаԥхаз сгәылара адәҳәыԥш аҟны анхара ҳаицалагоит, аҩни аԥацхеи еицҳаргылоит. Убарҭқәа еицыҟаҳҵаанӡа ара шәыҟоуп. Нас ҳанеиҿыҵуа ара еиҵауааӡаз арахә-ашәахә еиҟараны еиҩаҳшоит. Уара уҟны аӡахәа аҳҭап, абаҳҷа қәнагала, ажь ҽаҩра бзиа аанашьҭуа иҟалаанӡа сбаҳча уалахәуп, абжа уара иутәуп, — иҳәеит.
Агәылацәа азааит амҳаџьыр Муса аҵыхәтәантәи ииҳәаз иажәақәа рҟны. Ҳаргьы ара ҳаҟами, ҳабацәа урҭ рабацәа иныҟәыргоз аицхыраара ҳамами рҳәеит. Дук хара имышьҭыкәа амҳаџьыр Муса иашьа Ҳабахә изы ихьыҵәцараха ахьатә кәасқьа хыбны иалгахьан, уажәы аԥацха ашшра иаҿын. Рла аԥшәмацәа ахьцозаалак ирышьҭан. Ҳабахәгьы дканажьыр аҭахымызт Дамшә.
Жьужьа Ақаҩба
Мазеича сиԥаӡамызт — я не привык жить на всем готовом